Баџьа Хәытаба Будапешт имҩаԥысуа адунеи ачемпионат далахәхоит

Зых иақәиҭу ақәԥаразы адунеи Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Лиудовик аренаҿ, Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт жьҭаара 28 - 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа қәԥаҩы Баџьа Хәытаба, Шьамтәыла ахьӡала иқәгылоу, иҽалаирхәраны дыҟоуп 23 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара адунеи Ачемпионат аҿы.

"Аҽазыҟаҵарақәа ишрыхәҭоу имҩаԥысуеит. Жьҭаара 26 рзы Москва ҳнеиуеит, нас уантәи Венгриаҟа ҳхы ҳархоит. Аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны имҩаԥысуан, сашьеиҳаб Баграт сазыҟаиҵон", - еиҭеиҳәоит иара.

Адунеи Ачемпионат алахәылацәа дрылкааны иӡбахә иҳәоит Витали Голоев.

"Иара Европа ачемпионат далахәылан, Урыстәыла акоманда ахьӡала дықәгылоит. Иҟалоит иареи сареи ақәԥаратә уарҳал аҿы ҳаиқәшәаргьы. Сара аиааира сҽазырхианы сыҟоуп", - иҳәоит Баџьа Хәытаба.

Баџьа Хәытаба далацәажәеит Аолимпиадахь ицаразы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥиго

Шьамтәыла аспорттә қәԥара Афедерациа аҳәарала акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалоит Аԥсны аспорти абаҩрҵәыреи рзы аилак ахантәаҩы Баграт Хәытаба.

Баџьа Хәытаба Шьамтәыла ахьӡала 2020 шықәса рзы Иапониа имҩаԥысраны иҟоу аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа дрылахәхараны дыҟоуп. Уаанӡа, Шьамтәыла ахьӡала Хәытаба адунеи Ачемпионат аҿы 2019 шықәса рзы Нур-Султан ақалақь аҿы дықәгылахьан.

Баџьа Хәытаба аҩбатәи аԥсыуа спортсменуп зых иақәиҭу ақәԥарала Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәхо. Актәи - Денис Царгәыш (Урыстәыла еидҵоу акоманда ахьӡала дықәгылон– аред.). 2012 шықәса рзы Лондон имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.