АҞӘА, жьҭаара 25– Sputnik. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны апансионат "Ауадҳара" иаҭааит 2000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апансионат аиҳабы Асҭан Арсҭаа.
Хәҩык рзы асасааирҭатә ҩны аренда апансионат "Ауадҳара" аҿы нанҳәамзазы 4500 мааҭ иаԥсоуп, егьырҭ амзақәа раан 3000 мааҭ иаԥсоуп. Арсҭаа иажәақәа рыла апансионат сынтәа аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иаланагалеит 5 миллион мааҭ аԥара.
"Иуҳәар ауеит сынтәатәи ашықәс апансионат азы иқәҿиара шықәсуп ҳәа. Аҩнқәа зегьы ҭәын, ауаа рацәан", - иҳәеит иара.
Аԥсшьаҩцәа рыбжьара ирацәан аҭыԥантәи ауааԥсыра. Иара убасгьы арҭ аамҭақәа рзы ара рыԥсы ршьон аусгьы руан урыстәылатәи акинорежиссиорцәа.
"Урҭ ара рыҟазаара афеида бзиа ҳнаҭеит. Дара даара иргәаԥхеит ҳҭыԥқәа. Аҟәа, Гәылрыԥшь ирҭааит аха ҳара ҳҟнеиԥш џьаргьы агәахәара рмоуит. Арҭ аамҭақәа ирылагӡаны ҳагьеиҩызцәахеит", - иҳәеит иара.
Апансионат аиҳабы иазгәеиҭеит асезон аламҭалаз аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагоит ҳәа.
"Уажәы ҳара ԥшь-етажкны еихагылоу асасааирҭатә корпус аремонт азура ҳаҿуп. Ҵыԥх ахыб ҳаԥсахит, сынтәа адәынтәи усурақәа ҳарҿуп. Сгәы иаанагоит ҽааназы ахархәарахь инаҳашьҭып ҳәа", - иҳәеит иара.
Апансионат "Ауадҳара" Аԥсны ашьхара иагәылаҵәахуп, Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҵакыраҿ иҟоуп.