Аҟәа ахада инапынҵақәа назыгӡо раԥхьатәи адҵақәа ҟаиҵеит

Жьҭаарамза 21 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы. Иара убри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа амаҵзура ҭыԥқәа рыҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара аофициалтә саит.

Аусԥҟа инақәыршәаны, Рамаз Џьопуа АУ "Аҟәа ақалақь ахадара анхамҩатә усбарҭа" аиҳабыс дҟаҵоуп; Асҭамыр Матуа АУ "Аҟәа ақалақь ахадара аҩнусбарҭа №3" аиҳабыс дҟаҵоуп; Тариел Чамагәуа АУ "Аҟәа ақалақь ахадара аҩнусбарҭа №5" аиҳабыс дҟаҵоуп. Иара убасгьы Лиудмила Адлеиԥҳа Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабыс деиҭашьақәыргылоуп.

Жьҭаарамза 21 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы. Иара убри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа неигӡалоит Кан Кәарҷиа

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә акрақәа рыҟны анапхгаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭазааит Кәарҷиа Кан Валери-иԥа", - ҳәа.

Ақалақьтә еизара аӡбара ашьҭахь аҳҭнықалақь ахада даиуеит, уаанӡа ақалақь ахада инапынҵақәа нарыгӡоит. Аизара атәыла Ахада акандидатура анынаишьҭ ашьҭахь 30 усутә мшы ирхымгакәа иаднакылоит аӡбара уи акандидатура (ақалақь Ахада, араион Ахада, араион иатәу ақалақь Ахада) иақәшаҳаҭхо иақәшаҳаҭымхо азы.

Аизарахь инашьҭу акандидатура мап ицәнакуазар, атәыла Ахада азин имоуп Аизарахь иара уи акандидатура аиҭанашьҭра, мамзаргьы акандидатура ҿыц анашьҭра. Уаанӡа инашьҭыз акандидатура еиҭахгьы мап ацәкызар, акандидатура ҿыц наишьҭроуп, иҟоу ықәганы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: