Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Архитектор Багаҭелиа: иахьа алшара змоу ирҭаху иахьырҭаху аргылара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Багаҭелиа
Беслан Багаҭелиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аргылареи архитектуреи рзы Аԥсны ахәынҭқарратә усбарҭа архитектор Беслан Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ҳаамҭазы аҳҭнықалақь аргыларазы аконцепциа шыҟам.

Архитектор жәларбжьаратәи имш азгәарҭоит жьҭаара 7 рзы.

Хра злоу ахҭысқәа: архитектор Багаҭелиа Аҟәа ахыбрақәа рыргылара иазкны

"Аҟәа ақалақь аҟны макьана иҟаӡам агенералтә план иара убас аргыларатә закәанеидкылагьы ҳамаӡам Аԥсны. Досу ирҭаху иахьырҭаху идыргыло иалагар, шаҟа еихагыла рҭаху, Аҟәа архитектуратә хаҿсахьа зынӡа иаҳцәыӡуеит. Аҟәа агәаны ԥшьба-быжьба еихагыла иреиҳаны иҟамлароуп, амшын аԥшаҳәа иахьаԥну ақалақь аихагыла дуқәа рыла иаркымзароуп, аҭоурых змоу акыр шықәса зхыҵуа аргыларақәа еиқәырхатәуп. Ақалақь хәҭа-хәҭала ишазароуп, ауаа ахьынхо, ааглыхратә зонақәа уҳәа рыла. Ақалақь аргыларазы аконцепциа ҟаҵатәуп, ҳалагон, аха еиуеиԥшым аԥынгылақәа ҳазцәырҵуан. Ҳаамҭазы убас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп, алшара умазар, иахьуҭаху иуҭаху ургылоит. Џьоукы ироуҳәо раҳаӡом, убри аҟынтә аусӡбарҭахь ашәҟәқәа аныҳашьҭуа ыҟоуп. Асовет аамҭазы иҟаз еиуеиԥшым аргыларатә нормативқәа ҳрыхәаԥшны игәаҳҭоит ахыбрақәа рыргылара ҟало иҟамло. Убри аан ирацәоуп ауаа архитекторцәа разгәаҭақәагьы ирықәшаҳаҭу", -  иҳәеит Багаҭелиа.

Шәазыӡырҩы аудио.  Аиҿцәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0