Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа аҿҳәара шьақәыргылоуп

Алхас Кәыҵниа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа дахашшааит жьҭаара 7 рзы. Акассациатә шшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп аӡбаҩцәа Ҭимур Ҭарба (ахантәаҩы), Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидат Алхас Кәыҵниа акассациатә инстанциахь ишшыԥхьыӡ азы аӡбарҭа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 18 рзы. Абри атәы аҳәоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ахьацәнакыз азы иазашшырц рыгәҭакуп

Акассациатә шшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп аӡбаҩцәа Ҭимур Ҭарба (ахантәаҩы), Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳа.

Акассациатә инстанциа аӡбамҭа амчра аиуеит ианрыларҳәа ашьҭахь аха ахашшаарагьы ҟалоит иреиҳаӡоу аӡбарҭатә орган – Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум - ахь.

Цәыббра 20 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала аӡбамҭа аднакылеит. АКХ аӡбамҭа азакәаншьаҭа аман ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: