Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит

© Sputnik / Сария КварацхелияЗдание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019
Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәашаҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭаҿы имҩаԥысит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала аӡбаҩцәа ахԥатәи реилатәара.

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа Аԥсны АКХ алкаақәа рзы Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ мап ацәнакит ҳәа ааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Азашшҩы идукат Инга Габилаиаԥҳа ажурналистцәа иралҳәеит Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аӡбра ишахашшаауа.

Амчреи аоппозициааи рыдгылаҩцәа реизарақәа ҭынчрыла имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Амчреи аоппозициааи рыдгылаҩцәа реизарақәа ҭынчрыла имҩаԥысуеит

Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа. Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы иаҵахаз акандидат иашшразы заатәи аилатәара мҩаԥнагеит, уи аан ашшҩы АКХ аӡбамҭа аанкыларазы азыҳәа ҟаиҵеит, аха уи мап ацәнакит аӡбарҭа.

Цәыббра 17 рзы азашшҩы ихьӡала аӡбарҭаҿы иқәгылоз адукат Инга Габилаиаԥҳа аӡбаҩцәа реилазаара иашан ишьақәыргылам ҳәа ахҳәааны, ирыԥсахразы адҵа ықәлыргылеит.

Цәыббра 20 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу ахԥатәи аилатәара.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. Уи зыхҟьаз уи ауп, "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа ахьцәырнаго ауп. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0