Ҭагалан, ахәыӡ абысҭа, ашьтәа: Џьырхәа ақыҭан Габниаа аижәлантә рныҳәара шымҩаԥысыз

Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы.
Sputnik

Габниаа рныҳәара ашәахьала имҩаԥыргоит. Абар хышықәса раахыс аныҳәаҩс ирымоу Ҟәланырхәа ақыҭа еиуоу Лиосик Григолиа иоуп.

Ари ашықәс азы аныҳәара аиҿкаара зду Енвер Габниа иҩнаҭаҟны аныҳәаҩ дныҩнагаланы дҭәы-дыԥха, иахәҭоу апату иқәҵаны иԥылоит. Анеҩсан ауп дырҩагь дныҳәа-ныԥхьаны аҩны дындәылҵны аныҳәарҭа ҭыԥ ахь данхало.

Ахацәа рус дара рышьтәа акәзар, аҳәса рҟны ақьҭамхә ҳәа еиларҵо аџьыкҵәаҵәеи, акаканчаԥеи, акәытқәеи роуп. Урҭ аԥшәмаԥҳәыс Саида Габниа лҟны инаганы рыфатәқәа дырмазеиуеит.

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра >>

Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара аазырԥшуа афотоҭыхымҭақәа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>