https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo-itemprop.png
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/photo/20191029/1028709064/Asa--any-akhatsa-aala-aman-Gabniaa-rnyara.html
Октиабр 28 рзы, ашәахьаҽны Џьырхәа ақыҭа Габниаа ажәлантә рныҳәара мҩаԥыргеит. Уи амҩаԥгашьеи Габниаа рныҳәара аҭоурыхи дазааҭгылоит аныҳәара зҽалазырхәыз Нарҭыдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.
Габниаа Џьырхәа ақыҭа иҭыҵыз роуп. Дара рхаҭа ишырҳәо ала, Габниаа ацқьақәа ҳәа иҟоуп, убарҭ роуп ари аныҳәара иалахәыугьы. Габниаа ацқьақәа ҳәа зырҳәогьы, иҟоуп ажәла Габуниа, урҭгьы Габниаауп рҳәоит, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны (амҳаџьырра аан, иара убас ақырҭцәа аԥсуа жәлақәа дара ртәала ианырыԥсахыз) рыжәла ԥсаххеит, убри аҟнытә Габниаа ацқьақәа ҳәа иалыркаауеит. Ас еиԥш егьырҭ аԥсуа жәлақәак рҟынгьы иуԥылоит. Аныҳәара ахаҭа мҩаԥызго ахацәа роуп, аҳәса уахь ааигәа инеир ҟалом.
Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра >>
Габниаа аижәлантәқәа рныҳәара иазку анҵамҭа шәахәаԥш абра>>