Аԥсны ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система алагалахар ҟалоит

Апарламент адепутат Натали Смырԥҳа лажәақәа рыла асистема армариара иахықәку абизнес ашәшьыра аҵгароуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik, Бадри Есиава. Азакәан апроект "Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы" Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылеит жьҭаара 31 рзы.

Акы ацынхәрас хԥа: Апарламент аҿы ахәцҵаз ашәахтә иалацәажәон

Адепутат Натали Смырԥҳа иазгәалҭеит азакәан апроект ишазыԥхьагәанаҭо Аԥсны ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система алагалара. Иара аԥсахра ауеит иахьатәи азакәанԥҵара иаҵанакуа ашәахтә хкқәа жәпакы.

"Еиуеиԥшым ашәахтәхҵәақәа ҟалоит. Иаҳҳәап ақыҭанхамҩа знапы алаку анаплакыҩцәа рзы– 3%, ахәаахәҭра знапы алаку рзы – 5%, аргылара аус знапы алаку рзы – 8%", - лҳәоит Смырԥҳа.

Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит 5 миллион мааҭ рҟынӡа аикәыршараан ашәахтәшәаҩ ирмариоу ашәахтә система ихы иаирхәар ҟалоит. 5 миллионк инаркны 20 миллион мааҭ рҟынӡа аикәыршараан анаплакҩы иҭаххарала ари асистема ахархәара ҟалоит. 20 миллион инеиҳаны аикәыршара мҩаԥызго анаплакҩы ари асистема ахархәара азин имаӡам.

Апарламент адепутат Натали Смырԥҳа лажәақәа рыла асистема армариара иахықәку абизнес ашәшьыра аҵгароуп.

Адепутат лажәақәа рыла апроект макьаназы ариашарақәеи аԥсахрақәеи алагалахар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: