Акы ацынхәрас хԥа: Апарламент аҿы ахәцҵаз ашәахтә иалацәажәон

CC0 / / Бухгалтерия
Бухгалтерия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәцҵаз ашәахтә" рыдкылан 2015 шықәса абҵара 25 рзы Апарламент аҿы. Азакәан атәыла ахада инапы анаҵеиҩ ашьҭахь азинмчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәцҵаз ашәахтә" ариашарақәа аларгалеит Апарламент аилатәараҿы жьҭаара 31 рзы.

Азакәан апроект рыдылгалеит Жәлар реизара адепутат Натали Смырԥҳа. Лара ажәалагала ҟалҵеит НДС азыԥҵәақәа рганахь ала аихшаратә знеишьа мҩаԥгатәуп ҳәа, иадылгалеит 10% рцынхәрас 0%, 3%, 7% зыԥҵәа алагалазарц.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Ахәԥсацҵазы ашәахтә аԥсахрақәа алагалоуп

0% НДС алагалатәуп ахархәаратә корзина иаҵанакуа атауарқәа рзы; 3% НДС алагалатәуп уаанӡа НДС иаҵанамкуаз атауарқәа ҳәа азгәалҭеит лара.

"Алагалатә НДС 10% иҟоуп. Уи адагьы аҳәааҿы аҳазалхреи абаџьлхреи мҩаԥысуеит. Иааидукылар зынӡа 13% ҟалоит. Ари анаплакҩы изы феидара алаӡам", - лҳәоит Смырԥҳа.

10% рҟынтәи 7% рахь азыԥҵәа ларҟәтәуп атуризм, ахьшьтәы, абылтәы, аимадара хырхарҭақәа рҟны ҳәа далацәажәоит адепутат.

Азакәан аԥсахра ҿыцқәа рыла аимпортиор дуцәа НДС азы ашәахтә ашәара аамҭа инахар алшоит. Абасала анаплакыҩцәа аҳәааҿы ртауар ашәахтә рымшәар ада ԥсыхәа рымамкәа иҭаргылахом.

Смырԥҳа убри аан иазгәалҭеит Аҳазалхратә еилакы ари аҩыза ариашара ишақәшаҳаҭым.

Атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба азакәан апроект адгылара аиҭеит иара убри аан ԥхьаҟазы аус адулатәуп ҳәа иҳәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәцҵаз ашәахтә" рыдкылан 2015 шықәса абҵара 25 рзы Апарламент аҿы. Азакәан атәыла ахада инапы анаҵеиҩ ашьҭахь азинмчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0