Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

2019 шықәса лаҵарамзазы Пушкин ихьӡ зху ашкол амца акит. Ахыб зегьы блит. Амцарцәараан аԥхасҭа роуит акабинетқәеи акласстә уадақәеи.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рҵараиурҭахь ихынҳәит ҳәа адырра ҟалҵоит ашкол адиректор Ирина Повирскер.

"Иахьа аҵарашықәс аҩбатәи аԥшьбарак иалагеит. Аҵаҩцәа зегьы аремонт зызуу акорпус ахь ииаҳгоит. Аклассқәа зегьы рышкол ахь ихынҳәит. Аамҭала алагарҭатә классқәа рзы ахԥатәи асмена аус аулоит. Ашкол аҿы макьанагьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа еиҭалҳәоит адиректор.
Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

Ахыбра ацентртә хәҭеиԥш макьана аремонт азуӡам аспортзалгьы.

Иблыз аҟәатәи ашкол еиҭашьақәдыргылоит ахада ирезервтә фонд ала

"Аҵаратә процесси аремонти зныкала ҳарҿуп. Ҳара ишҳалшо ала ахәыҷқәа аргылара ахьцо имнеиртә иҟаҳҵоит", - лҳәоит Ирина Повирскер.

Ашкол аҿы аусура иаладыргеит акрыфарҭа. Абаҩрҵәыра аурокқәа аспортзал аремонт азухаанӡа адәаҿы имҩаԥыргоит.

"Ашкол анапхгара макьаназы афизикеи ахимиеи рлабораториақәа рҿы иҩноуп", - ҳәа азгәалҭеит адиректор.

Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа уажәраанӡа латәара-латәарадатәи ашкол аҿи "Альфа" ашкол аҿи аҵара рҵон.

Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Фиодор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски 25-ҩык аҭыԥҳацәа рзы апансиони змаз агимназиахь иааиргеит. Уи лыхьӡ ахын аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа.

Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

Аҟәатәи ашкол №2 аҵаҩцәа рыклассқәа рахь ихынҳәит

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит. Ашкол аамҭала ииаган Маҷавариани, 15 аҭыӡҭыԥ аҟны игылаз ахыбрахь.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан. Уи аҭаӡара 2008 ԥшьыркца метр артәоит. Аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: