Аҳәааҟны иааныркалеит изакәанымкәа иахыргарц ирҭахыз аҭаҭынаалыҵ

Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рыҩныҵҟа Шачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа 16 усҭҵаара хдыртит, иааныркылеит 10000 ҭоԥ аҭаҭынаалыҵ.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7— Sputnik. Аԥсны-Урыстәыла аҳәааҟны иааныркалеит изакәанымкәа иахыргарц ирҭахыз аҭаҭынаалыҵ. Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз автоашьынаҿ ирыԥшааит жәа-нызқь ҭоԥ асигарет. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхыҩцәа рыпресс-маҵзура.

Аҳәааҟны иааныркалеит изакәанымкәа иахыргарц ирҭахыз аҭаҭынаалыҵ

Абҵара 6 рзы аҳәааҿы иаанкылан автомашьына Ford Transit. Автомашьына агәаҭараан иаарԥшын аҵәахырҭақәа. Зынӡа иааидкыланы 300 ҭоԥ асигареи ԥшаан акцизтә маркақәа рықәӡамкәа (3002 ҭоԥ, 60 040 цыра).

Аҳәааҟны иааныркалеит изакәанымкәа иахыргарц ирҭахыз аҭаҭынаалыҵ

Абҵара 4 рзы аҳәааҿы иаанкылан автомашьына Mazda. Аҵәахырҭа маӡаҿы иаарԥшын 143 ҭоԥ асигарет (1430 ҭоԥ, 28 600 цыра)

Жьҭаара 31 рзы иааныркылаз автомашьына ГАЗ "37170А" аҿы ирбеит 341 ҭоԥ асигарет акцизтә маркада (3410 ҭоԥ, 68 200 цыра). Амашьына зтәыз, Шәача инхо ахаҵа иҳәеит Аԥсны ишааихәаз 48 000 мааҭ рыхә асигарет ахатә хархәаразы.

Атауари автомашьынақәеи аанкылоуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Ихацыркуп аусҭҵаара.

Аҳәааҟны иааныркалеит изакәанымкәа иахыргарц ирҭахыз аҭаҭынаалыҵ