АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik. Ашәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гьаргь Гәыблиа 92-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 рзы ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩыҩцәа Реидгыла алахәыла Терент Ҷаниа.
Гьаргь Гәыблиа диит лаҵарамза 15 1928 шықәса рзы Ҟәланырхәа ақыҭан. Аҭыԥантәиашкол ашьҭахь иара дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет. 1954 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиа акафедра арҵаҩыс аусура далагеит. Раԥхьатәи иҵаҩцәа дреиуоуп Терент Ҷаниа.
"Аԥсуа фольклор ҳирҵон. Дқәыԥшын. Ҩызцәаҵас даҳзыҟан. Аҭҵаарадырратә информациа еизго аԥсуа қыҭақәа акыр ҳарҭаахьан", - еиҭеиҳәоит ашәҟәыҩҩы.
Ҷаниа иажәақәа рыла Гәыблиа ирҿиамҭа анырра арҭеит сталинтә репрессиақәа. Иара дшыхәыҷыз иаб ажәлар раӷа ҳәа ахарада ахара идҵан. Ари ахҭыс инарҭбааны иалацәажәоуп ашәҟәыҩҩы ироман "Адгьыл ахьаа" аҿы.
Иҩымҭақәа ркьыԥхьра далагеит 1950 шықәса рзы. Гьаргь Гәыблиа алитературатә журнал "Алашара" аредакторс дыҟан, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" директорс даман.
Гьаргь Гәыблиа — авторс дрымоуп аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа, адрамақәа.
2013 шықәса рзы Гьаргь Гәыблиа асахьаркыратә литератураҿы илагаламҭази аҿар реиҵааӡарази ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: