Ӡиӡариа: алитература акафедра иашьагәыҭны иҟаз Гьаргь Гәыблиа иакәын

© Sputnik Томас ТхайцукГьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа
Гьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы, апоет Гьаргь Гәыблиа иахьа 88 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, лаҵарамза 15 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә унивеситети арҵаҩратә институти рҟны Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа акыр аџьабаа збахьоу дыруаӡәкуп. 1956 шықәсазы арҵаҩратә институт аҟны аԥсуа бызшәеи алитература акафедра аадыртит, уи дахагылан аҵарауаҩ ду, абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Лара илылшеит 1965 шықәсазы абызшәа акафедреи алитературеи хаз-хазы рыҟаҵара. Усҟан алитература акафедра дахагылоит Гьаргь Гәыблиа, иара акыршықәса акафедра анапхгара азиуан.

"Алитература акафедра ахьанҭара зегьы шьҭызхуаз, алекциақәа жәпакы ирыԥхьоз Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа иакәын, нас Анатоли Зыхәба, Павел Аӡынба, Владимир Анқәаб — абарҭ ракәын алитература иашьагәыҭны иҟаз. Гьаргь Константин-иԥа даԥхьон аԥсуа литература аҭоурых раԥхьатәи апериод, еиҳарак Дырмит Гәлиа ирҿиара, насгьы даԥхьон афольклор. Сара санстудентыз алекциақәа дҳазрыԥхьон, акафедрагьы деиҳабын. Иара дуаҩы иашан, инакәызаалак лекциак дагханы, ибжьаижьуа, зынӡа дымнеиуа иҟаиҵомызт, студентк игәы нырханы, ишакәым диацәажәо иҟамлацызт, аусураҿы еснагь деиҿкаан", — ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ Оҭар Ӡиӡариа.

Гьаргь Гәыблиа иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ироманқәеи, идрамақәеи, жәаҳәарада, аԥсуа литература дырбеиеит. Гьаргь Константин-иԥа акыршықәса инеиԥынкыланы ажурнал "Алашара" аредакторс аус иуан.

© SputnikГеоргий Гублия
Георгий Гублия - Sputnik Аҧсны
Георгий Гублия

"Гьаргь Консантин-иԥа 1979-1984 шықәсақәа рзы ажурнал "Алашара" аредактор хадас дыҟан. Иара аусура даналага инаркныа ажурнал аҩнуҵҟа аԥсахрақәа ҟалеит имаҷымкәа, ажурнал ацәа рыԥсахыит. Иазгәаҭатәуп, иара ибзоурала ажурнал "Алашара" атираж  быжь-нызқь цыра ишеиҳахаз. Ҳара ҳанстудентцәаз Гьаргь Константин-иԥа ажурнал ҳадиԥхьалон, иреиӷьыз ҳҩымҭақәа алкааны, ажурнал ианиҵон. Гьаргь Константин-иԥа ибзоуроу рацәаӡоуп ҳаԥсуа журнал заҵәы ашьақәыргылараҿы, аҿиараҿы, ҳажәлар рызнагараҿы", — ҳәа азгәеиҭеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа.

Гьаргь Гәыблиа шықәсырацәала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедраҿы аԥсуа литература аҭоурых даԥхьон, афилолог ҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаа рацәоуп.

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы

"Гьаргь Константин-иԥа аԥсуа литература аҭоурых иазку алекциақәа хышықәса дҳазрыԥхьон. Уи илекциақәа еснагь азҿлымҳара рыман ҳара астудентцәа ҳганахьала, избанзар, арҵаҩы ианыкәызаалакгьы уаанӡа иаҳзымдыруаз, иаҳмаҳацыз ҳзеиҭеиҳәон. Аԥсуа литература иалоу ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рырҿиара аиҭаҳәара анаҩсангьы, Гьаргь Константин-иԥа дазааҭгылон урҭ рыԥсҭазаара иазку еиуеиԥшым ахҭысқәа, уи ҳара еснагь гәахәарыла иҳадаҳкылон. Ҳарҵаҩы иира амш аҽны изеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиареи ашықәсрацәеи", — ҳәа иҳәеит Гьаргь Гәыблиа истудент, аспирант Бадраҟ Аҩӡба.

Бадраҟ Аҩӡба иажәақәа рыла, Гьаргь Гәыблиа илекциақәа ААУ аҟны аинтерес рыҵаны имҩаԥысуан, шықәсқәак раԥхьа дара еидкыланы хаз шәҟәны иҭыҵит.

Гьаргь Гәыблиа акандидаттә диссертациа ихьчеит Дырмит Гәлиа ирҿиара атемала, иагьҭижьхьеит "Дырмит Гәлиа" захьӡу ашәҟәы — амонографиа. Гаргь Гәыблиа дравторуп аԥхьаҩцәа бзиа ибаны ирыдыркылаз ароманқәа "Лахьынҵала иузшоу", "Аҵыхәтәантәи ахысбжьы", "Нестор". Уи ироман "Адгьыл ахьаа" ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Ажәакала, Гьаргь Гәыблиа икалам иҵаҵхьоу арҿиамҭақәа ҳлитератураҿы аклассикатә ҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп.

Гьаргь Гәыблиа диит 1928 шықәса, лаҵарамза 15 рзы Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан. Иқыҭаҿы абжьаратә школ даналга, дҭалоит Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә университет, дагьалгоит 1954 шықәсазы. Гаргь Гәыблиа акьыԥхьаҿы дцәырҵит 1950 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0