Аԥыза-министр Аԥсны аиҳабыра реиҭеиҿкаараз ақәҵара инапы аҵеиҩит

Ақәҵараанапы аҵаҩын атәыла ахада Идҵа "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аструктура ашьақәырӷәӷәаразы" инақәыршәаны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 8— Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба 2019 шықәса абҵара 20 рҟынӡа Аԥсны аиҳабыра реиҭеиҿкаараз ақәҵара инапы аҵеиҩит. Адҵа ҟаиҵеит зусураҭыԥ ркьаҿу ачынуаа рсиа рхиазарц нас уи иаҿырԥшны аԥаразоужьра рҿыцны еиҿкаазарц. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥсны ахада аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит

Ақәҵара ахылаԥшра рнапы иануп Аминистрцәа реилазаара аппарати афинансқәа рминистрреи.

Жьҭаара 28 2019 шықәса рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит. Ахада иусԥҟа инақәыршәаны 15 министрра рцынхәрас Аԥсны иҟалоит 12 министрра.

Ақыҭанхамҩа аминистрреи акурортқәеи атуризми рминистрреи аҳәынҭеилакы ҳәа иԥсаххоит. Иҿыцны еиҿкаауп агәабзиарахьчара аминистрра. Уажәшьҭарнахыс уи агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрроуп.

Иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рыштат 2700 усутә ҭыԥ ыҟоуп. Аоптимизациахь иаҵанакуеит 370-ҩык аусзуҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: