АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аминистрцәа реилазаара аструктура ашьақәырӷәӷәаразы.
Атәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны аминистррақәа ҩба аҳәынҭеилакқәа ҳәа еиҭакуп: ақыҭанхамҩа аминистрра – Ақыҭанхамҩаз аҳәынҭқарратә еилакы, акурортқәеи атуризми рзы аминистрра - Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа.
Агәабзиарахьчара аминистрреи Асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи реилаларала еиҿкаахоит Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра. Ари аминистррахь иаҵанакуеит:
- ареспублика атәанчаратә фонд
- асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд
- ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд
- 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд
- амҩатә фонд
Иара убасгьы аҿартә политиказ аилаки абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилаки реилаларала еиҿкаахеит - аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аимадареи амассатә коммуникациақәеи рзы аҳәынҭқарратә напхгараҭареи атранспорт азы аҳәынҭқарратә напхгараҭареи, аимадара аус аҟны аҳәынҭқарратә хылаԥшра амаҵзуреи еилаланы аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа еиҿкаахеит.
Аргылареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы архитектуреи, ақалақьеиҿкаареи, анхара-коммуналтәнхамҩеи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ҳәа иҟалоит.
- Астатистиказ аҳәынҭқарратә усбарҭа Астатистиказ аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа иԥсахуп.
- Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Акультура аминистрра ҳәа иԥсахуп.
- Арепатриациаз аминистрра ԥсаххеит Адемографиеи арепатриациеи рзы аминистрра ҳәа.
- Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ԥсаххеит Аԥсны аҵарадырра аминистрра ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аминистрцәа реилазаара ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵарақәа анапы рыҵаҩуп
-
Хымз рыҩныҵҟа: аминистрцәа реилазаара аиҿкаараз аҿҳәара