Арадио

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Гамсаниаԥҳаи Чачхалиаԥҳаи аԥҳәыс анапхгараҭараҿы дахьынӡаарԥшу атәы

Аԥҳәыс илусӡами? Избан аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы аҳәса маҷны изыҟоу, рхала аиҳабыра рҭахыму, рнеира иаԥырхагоу? Абри атәы иалацәажәоит Емма Гамсаниаԥҳаи Аида Чачхалиаԥҳаи адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Гамсаниаԥҳаи Чачхалиаԥҳаи аԥҳәыс анапхгараҭараҿы дахьынӡаарԥшу атәы

Аполитикеи, аекономикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирызку иактуалтәу атемақәа ҳрылацәажәоит, аимак-аиҿак зхылҿио азҵаарақәа шьҭаҳхуеит. "Коӷониаԥҳа лымҩаду"илыцануп ҳаԥсҭазаараҿы иҟалало ахҭысқәа рзы еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу ауаа. Апроблемақәа иаартны ирылацәажәоит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.