Џьгьардаа рҽеидкыланы амцарцәара иаҿуп

Џьгьарда ақыҭа аҩадатәи аганахь абнараҿы амцакра ҟалеит. Амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа агәаанагра ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы абылра инамаданы Џьгьарда ақыҭа аҩадатәи абнахәҭараҿы амца иамҽханакны иҟоуп абнара, ақыҭауаа рҽеизакны уи арцәара иаҿуп ҳәа Sputnik Аԥсны адырра азыҟаиҵеит аволантиор Аслан Амҷба.

"Амцакра ыҟоуп ақыҭа жәабаҟа километра инацәхыкны. Амца аҽеимҽханакуеит. Заҟа гектар амца аку сыздырам аха угәы иахәаша егьыҟам", - иҳәоит иара.

Аслан Амҷба иажәақәа рыла, ибылуа еиҳарак абӷьқәеи аҳаскьынқәеи роуп аха аҵла ҩақәа ахьгыло амцабз акыр ҵәҩанҵәыҟа ихалоит.

Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа иажәақәа рыла, Џьгьарда акалҭ аҿы иҟоу амцакреи Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы иҟоу амцакреи еидҳәалам.

"Иҟоуп агәаанагара амца зыцәцаз ашәарыцацәа роуп ҳәа. Иҟалап аҭҭынмца иахҟьазар, ма идмырцәаз амца", - иҳәеит Ԥачлиа.

Иара иажәақәа арыла макьаназы амца зырцәо ақыҭауаа роуп.

Амца арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраара иазыԥшуп

Уаанӡа, абҵара 10 рзы Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы абна абылра иалагеит. Амцакра шыҟалазҵәҟьа Ԥсҳәы ақыҭантәи абылра-еиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа уахь инеит, аха рымчқәа мхеит. Абҵара 11 рзы Аԥсны АҶА аминистр арҭ аҭыԥқәа вертолиотла дырхаԥрааит, аҭагылазаашьа иблала ибеит. Амца аҽеиҵнахит зызнеира уадаҩу аҭыԥқәа рҿы. Иаҭаххеит авиациа ахархәара. Аԥсны АҶА урыстәылатәи аиқәырхаҩцәеи дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит авиациа ахархәаразы.

Иныҭкааны абылра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа уажәазы ишьақәыргылам.

Амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа агәаанагра ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.