Амца арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраара иазыԥшуп

© Foto / Аслан Амичба пожар на Сухумском перевале
 пожар на Сухумском перевале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсҳәы ақыҭа аганахь ала Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра ҟалеит, амца иамҽханакит 150-200 гектар абнара.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы абылра ԥкым, амца иамҽханакны иҟоуп абнара ҳәа Sputnik Аԥсны адырра азыҟаиҵеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны абылра-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы ҩышә гектар инарзынаԥшуа абнара амца акит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы ҩышә гектар инарзынаԥшуа абнара амца акит

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа иажәақәа рыла Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа ацхыраара ҟарҵарц азы аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит. Уажәы рзыҳәа аҭак иазыԥшуп.

Абҵара 10 рзы, амцакра шыҟалазҵәҟьа Ԥсҳәы ақыҭантәи абылра-еиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа уахь инеит, аха рымчқәа мхеит. Абҵара 11 рзы Аԥсны АҶА аминистр арҭ аҭыԥқәа вертолиотла дырхаԥрааит, аҭагылазаашьа иблала ибеит. Амца аҽеиҵнахит зызнеира уадаҩу аҭыԥқәа рҿы. Иаҭаххеит авиациа ахархәара. Аԥсны АҶА урыстәылатәи аиқәырхаҩцәеи дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит авиациа ахархәаразы.

Иныҭкааны абылра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа уажәазы ишьақәыргылам.

Амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа агәаанагра ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0