АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабыс Андреи Бобуа иҟаҵаразы атәыла ахада аусԥҟа инапы аҵеиҩит абҵара 13 рзы. Абриа тәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.
"Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабыс дҟаҵазааит аинрал-маиор Бобуа Андреи Андреи-иԥа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Андреи Андреи-иԥа Бобуа диит жәабран 23, 1976 шықәса рзы. 1992 шықәсазы Аҟәатәи абжьаратә школ № 10 далгеит. 1995 - 1996 шш. рзы ахада ихьчаратә отриад далан.
1996 -1999 шш. рзы – Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә аусбарҭа аусзуҩ.
2000 -2005 шш. рзы – Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ.
2005 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчаратә маҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп.
2015 шықәса рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистр ицхырааҩыс дҟаҵоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Марина Ԥлиаԥҳа аиустициа аминистрс дҟаҵоуп