Марина Ԥлиаԥҳа аиустициа аминистрс дҟаҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукМарина Пилия.
Марина Пилия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аминистрцәа реилазаара уаанӡатәи аструктура аиҭакра маҷ иахигеит.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Аԥсны аиустициа аминистр лзы Аусԥҟа анапы аҵаҩын иахьа, абҵара 12 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура аиҭакрақәа алагалахеит

Аусԥҟаҿ иаҳәоит:

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрс дҟаҵазааит Марина Шалуа-иԥҳа Ԥлиаԥҳа".

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистр Марина Шалуа-иԥҳа Ԥлиаԥҳа диит 1968 шықәса, нанҳәамза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҟны

1985ш. – Аҟәатәи абжьаратә школ №17 аушьҭымҭа

1990ш. – Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурых-зинтә факультет далгоит

1991-1993шш. – Аԥсны Ахәаахәҭра аминистрра аиурист хада

1993-1995шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараҭаразы аҳәынҭқарратә еилакы аиурист

1995-2005шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономикеи азини рыҟәша азинтә зҵаарақәа рсектор ареферент, ареферент аиҳабы, аиҳабы

2002-2005шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Жәлар Реизара-Апарламент аҟны

2005-2010шш. –азинтә зҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада ицхырааҩ

2010-2014шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Ифонд ахантәаҩы ицхырааҩ

2014 шықәса инаркны иахьанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистр

Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба министррақәаки ҳәынҭеилакқәаки рнапхгаҩцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩхьан.

Заур Шьалашьаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа аиҳабыра реилазаара ашьақәгылашьа аиҭакразы: аштатқәа еиҵатәхоит

Убас, жьҭаарамза 31 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа лзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрс дҟаҵоуп Ҭамаз Ҵахнакьиа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрс даҭоуп Беслан Дбар.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Афинансқәа рминистрси дҟаҵоуп Џьансыхә Нанба. Ареспублика ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс – Даур Кәырмазиа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс – Лев Кәыҵниа.

Аԥсны Аҵара аминистрс – Адгәыр Какоба.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрс ихьӡ ҳәоуп Мираб Кьышьмариа. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Гарри Аршба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрс - Даур Ақаҩба.

Уаанӡа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аԥыза-министрс Бганба Валери иҟаҵараз аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс деиҭеит Даур Аршба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0