Аҳәынҭқарра ахада аҳәынҭусбарҭақәа рхадацәа аиҭеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Абҵарамза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәа рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

"Иаҭазааит:

Аҳәба Адамыр Мирон-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Агрба Ҭемыр Михаил-иԥа - Аргыларазы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Ашьхацаа Анзор Николаи-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Абнатә нхамҩазы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Ӷәынџьиа Роман Ҳақыбеи-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә маҵзура аиҳабыс.

Габлиа Рабсҭан Иуана-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Афымцамчи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Амқәаб Игор Владимир-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Архитектуреи, ақалақьргылареи, анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Ҷыҭанаа Савели Михаил-иԥа - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекологиеи, аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс.

Џьопуа Роман Владимир-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабыс.

Џьынџьиа Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа – Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабыс."

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: