Абҵара 13 рзы Адунеизегьтәи агәыразра амш азгәарҭоит.
Кәакәасқьыр агәыразра амш аҽны Гал имҩаԥгаз акциазы: аҳамҭа зегьы бзиа ирбоит
© Sputnik
"Агәыҳалалратә фонд "Аԥсныи" аполитикатә партиа "Аԥсны Жәлар рфронти" еидгыланы Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳамҭас иарҭеит амузыкатә рҳәагақәа: адаулқәа, асинтезатор, агитарақәа ԥшьба. Ашкол аҟны иҟоуп аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа, абенд-гәыԥ еиҿкаауп аҵаҩцәа рымчала, ргәаҳәара инақәыршәаны аҳамҭа рзыҟаҵан. Исымоу адыррала ҩба-хԥа мзы ирылагӡаны сааҭбжак-сааҭк иназынаԥшуа апрограмма ахәаԥшцәа ирыдыргаларц ауп. Аԥхьаҟа агәҭакқәа ыҟоуп егьырҭ ашколқәагьы ацхыраара рзыҟаҵара",- иҳәеит Кәакәасқьыр.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.