Аҵарауаа ахшыҩ акьыбачымазара амазаара "раԥхьатәи аҵәҵәабыжьқәа" рыӡбахә рҳәеит

Аҟазауаа иазгәарҭоит ачымазара бааԥсы раԥхьатәи аамҭақәа раан хымԥада аҳақьымцәа ишрыдҵаалатәу.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14- Sputnik. Британиатәи аҵарауаа еиҭарҳәеит агәынкылара ацәыӡреи аблабара акаҳареи ахшыбаҩ аҿы ачра аҟазаара ирдыргоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит "Аргументы и факты" асаит.

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит акьыбачымазара раԥхьатәи аетапқәа раан шамахамзар апациентцәа зегьы ргәынкылара ԥсыҽхоит, рцәажәара аилагарақәа аиуеит, рныҟәара шьақәтәам, рыблабарагьы каҳауеит. Аха арҭ "аҵәҵәабыжьқәа" ауаа реиҳараҩык рықәра иаҿдырԥшуеит.

Уаанӡа, аԥеиԥш змоу аҭҵаарақәа Рфонд адҵала урыстәылатәи аҵарауаа акьыбачымазара хызҽуа аметод ҿыц аус адырулеит.

Аметод ҿыц инақәыршәаны апациент илимфоцитқәа еиҭаркуеит ацәеижь аиммунтә ҭак ҟанаҵарц азы.