Ахор аныҳәа: афестиваль"Шьардаамҭа" алахәылацәа аконцерт хада мҩаԥыргеит

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцертқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа имҩаԥнагоит, Акультура аминистрра ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Абҵара 13 асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахеит аконцерт хада Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Ахор аныҳәа: афестиваль"Шьардаамҭа" алахәылацәа аконцерт хада мҩаԥыргеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа еизаз раԥхьа дықәгыланы иазгәалҭеит раԥхьатәи ахортә фестиваль иамоу аҵак ду атәы.

"Асеиԥш иҟоу афестиваль аиҿкаара ахәҭаны иҟан, избанзар ареспубликаҿы ахортә ҟазара акыр ишьҭаханы иҟоуп. Ари ажанр ала афестивальқәа хымԥада имҩаԥгалатәуп. Иахьазы итрадициатәу аԥсуа шәаҳәара азхьаԥшра маҷхеит. Ааигәаӡа акәын аишәачарақәа рҟны ауаа неидгыланы ашәа анеицырҳәоз. Уажәы ус иҟам. Ҳара иҳаӡбеит уи аҳаҭыр ашьҭыхразы абасеиԥш ала ахортә шәаҳәара аларҵәара", - лҳәеит Џьениаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла афестиваль ахьӡгьы машәыршәа иалхым. "Шьардаамҭа" иаанаго – акыршықәса ауп.

"Ҳгәыӷуеит ҳфестиваля аҭоурых ду аиуп ҳәа. Уи адагьы аԥсуа ашәа "Шьардаамҭа" лассы-лассы иҳаҳауеит. Абиԥара ҿа ракәзаргьы ари ашәа амотив ззымдыруа дмаҷуп", - лҳәеит лара.

Капԥҳа афестиваль "Шьардаамҭа" азы: ахортә шәаҳәара аԥшӡара аӡыргара иазырхоуп

Аконцерт хада апрограмма аадыртит "Шьардаамҭа" ала. Ашәа нанагӡеит аҳәынҭқарратә хортә капелла (адирижиор Нодар Ҷанба). Уи ашьҭахь иқәгылеит Уралтәи аҳәынҭқарратә камертә хор. Иара ахәаԥшцәа ирыднагалеит апрограмма "Пять веков русской духовной музыки".

Московатәи аконсерваториа акамертә хор адоуҳатәи, аклассикатәи, ҳаамҭазтәи музыка нанагӡеит.

Аурыс ашәақәа руак аккомпанемент азыҟаиҵон аԥсуа пианиноарҳәаҩы Бараса Кәыҿба.

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны абҵара 14 рзы имҩаԥгахоит Александр Соловьев имастер-класс.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны – афестиваль информацитә партниорны иазыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: