Чамагәуаԥҳа: Оҭар Хәынҵариа жәлар рмузыка аиқәырхара хьаас иман

© SputnikРоза Чамагуа
Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын аказы диит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа. Иара 2016 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы ицәа иалаз ачымзаара бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Жәлар рмузыка аҿиараҿы зышьаҭа наунагӡа иаанзыжьыз акомпозитор изку агәалашәарақәа ҳацеиҩылшоит, иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.

Sputnik, Альбина Жьиԥҳа

Оҭар Хәынҵариа Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭаҿы иҵара хациркит, даара аибзиангьы аҵара иҵон илгәалалыршәоит Роза Чамагәуаԥха. Афольклор еснагь аинтерес иман, уи дазҿлымҳан, иҽԥишәон жәлар рмузыка аганахьала.

"Москватәи акультуратә институт, оркестртә ҟәша, далган данаа ашьҭахь, аусура далагеит аҵараиурҭаҿы. Уаҟа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа зегьы аус рыдиулон, аҿарпын шьта иӡит анаҳгәахәуаз, иара ҿыц иӡыригеит", — азгәалҭоит артистка.

Людмила Гумба. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лиудмила Гәымԥҳа: Оҭар Хәынҵариа аус ицура мариан, сыгәра игон

Аибашьра ашьҭахь, аҽазыҟаҵаратә ҭыԥқәа анмаҷыз, Оҭар Хәынҵариа аквартет аиҿкаара игәы иҭаикит. Убысҟан ауада аԥшааразы ацхыраара илҭеит Роза Чамагәуаԥҳа.

"Сыҩнаҭаҿы уадак изалысхит, апианиногьы гылан. Аиаҳәшьцәа Берзениааи, сыҷкәын Алхас Ферзбеи, Емик Барганџьиеи ааизиган, еиҿикааит агәыԥ "Нан". Иазыҟаиҵон, аԥсуа шәақәа дирҵон, иара иашәақәагьы рҳәон. Ажәлар ибзиан ирдыруа, "Аҷандараҟа даагоит" убра ауп иахьииз", — дазгәдууны илҳәоит Роза Чамагәуаԥҳа.

Оҭар Хәынҵариа 140 шәа инарзынаԥшуа авторс дрымоуп. Урҭ иреиуоп "Аҿар ргимн", "Афырхацәа рашәа". Иҭижьхьан 15 диск.

"Оҭар иашәақәа зегьы ажәлар ирылаҵәаны иҟоуп, избанзар, иара еснагь дашьҭан жәлар рашәақәа, афольклор рҟнытә амотивқәа раагара. "Ишԥазури, дысгәаԥхоит", "Аҳаҳаи афырхацәа шәеиҵамхан", "Ахьӡыртәрақәа" — ақыҭа ҳәса хәыҷқәа ирызку, арҭ ашәақәа зегьы марианы ажәлар ирылалеит", — азгәалҭоит Роза Чамагәуаԥҳа.

Оҭар Хәынҵариа аҵәыхәтәантәи ашықәсқәа рзы жәлар ринструментқәа рзы арҵагатә шәҟәы аҩра даҿын.

"Амузыкатә школқәеи, аҵараиурҭақәеи рзы арҵагатә шәҟәқәа ҳҭахын. Оҭар дахьӡеит ԥхьарцеи ачамгәыри азы аҩҩра. Урҭ тыжьтәны иҳамоуп. Иара аинструментқәа зегьы цәажәартә еиԥш иҟаиҵеит. Оҭар ишьҭа анымҵӡо иаанижьит жәлар рмузыкаҿы", — инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны Жәлар рартистка.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ

Акомпозитор еснагь хьаас иман аԥсуа жәлар рашәақәеи рмузыкеи иӡыр ҳәа. Иара ибзоуроуп аҵараиурҭаҿы аҿарпыни аԥхьарцеи ргәыԥ аиҿкаара. Оҭар Хәынҵариа дызҿыз аус иахьа иацырҵоит ииааӡаз, жәлар рарҳәагақәа агәыбылра зиркыз, иҵаҩцәа. Иаԥҵоуп ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр.

"Оҭар ишьҭа назыгӡаша ыҟоуп, Денис Арухаа еидикылаз агәыԥ рҽадцалан аусура иаҿуп. Уи анырха аиуа ҟалааит!", — лҳәеит Оҭар Хәынцариа ибзиан дыздыруаз, изааигәаз Роза Чамагәапҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0