Урыстәыла арратә полициа Шьамтәылатәи аеродром аҟны итәеит

Уажәы ЕАР ацхыраарала аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит Урыстәыла аԥыжәара ззамоу абжьеиҳатә абџьар аԥкразы.
Sputnik

Урыстәыла арратә полициа Шьамтәылатәи аеродром аҟны итәеит, уаанӡа ари аҵакырадгьыл ЕАА хылаԥшра арҭон. Америка атәылауаа иццакны ари аҭыԥ аанрыжьуан аҟнытә, рыфатә-рыжәтә, рымаҭәахәқәа ҳәа акгьы рымгеит. Изырццакызи, насгьы Вашингтон Шьамтәыла зынӡа ааныжьра зырҭахым атәы шәахәаԥш - авидеонҵамҭаҿы.