"Ажәахәқәа шәкы рҟынӡа ыҟан. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтә аҭҵааҩцәа иааны иқәгыло, Путилови Чистови рыҭҵаарадырратә ҭынха ҳаамҭазтәи аетнографиеи афольклорҭҵаареи рҿы, аҭҵаарадырратә ҭоурыхи, аҭҵаарадырратә теориақәеи, асиужетқәеи, амотивқәеи, апоетикеи уҳәа убас ирызкуп. Асоветтә аамҭа аетнографиа, антропологиа зеиԥшрааз, усҟан иуҳәар иҟамлоз иахьа иуҳәар ҟалоит аҟнытә, ажәакала, арҭ аԥхьарақәа зызку рхаҭақәа реиԥш, аԥхьарақәа рхаҭагьы рыҩаӡара ҳаракуп, сара акырӡа аҵанакуаны исыԥхьаӡоит урҭ сахьрылахәу. Избанзар, сара ҵарауаҩк иаҳасабала сышьақәгылараҿы, иара сара сымала сакәым, кырӡа аҵанакуеит Борис Путилови Кирилл Чистови рыҭҵаамҭақәа, ртеориатә усумҭақәа. Уи аҟнытә даара аҵакы асҭоит ари ахҭыс схы алархәра", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.