Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: Путилови Чистови рыҭҵаамҭақәа ҵарауаҩс сышьақәгылараҿы аҵакы рымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Џьапуа
Зураб Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Санкт-Петербург, Антропологиеи аетнографиеи рмузеи аҿы абҵара 14-16 рзы имҩаԥысуаз Б.Н. Путилови К.В. Чистови ирызку аҭҵаарадырратә ԥхьарақәа дрылахәын, иара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еитеиҳәеит урҭ рҵакы атәы.
Џьапуа: Путилови Чистови рыҭҵаамҭақәа ҵарауаҩс сышьақәгыларазы аҵакы рымоуп

"Ажәахәқәа шәкы рҟынӡа ыҟан. Еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтә аҭҵааҩцәа иааны иқәгыло, Путилови Чистови рыҭҵаарадырратә ҭынха ҳаамҭазтәи аетнографиеи афольклорҭҵаареи рҿы, аҭҵаарадырратә ҭоурыхи, аҭҵаарадырратә теориақәеи, асиужетқәеи, амотивқәеи, апоетикеи уҳәа убас ирызкуп. Асоветтә аамҭа аетнографиа, антропологиа зеиԥшрааз, усҟан иуҳәар иҟамлоз иахьа иуҳәар ҟалоит аҟнытә, ажәакала, арҭ аԥхьарақәа зызку рхаҭақәа реиԥш, аԥхьарақәа рхаҭагьы рыҩаӡара ҳаракуп, сара акырӡа аҵанакуаны исыԥхьаӡоит урҭ сахьрылахәу. Избанзар, сара ҵарауаҩк иаҳасабала сышьақәгылараҿы, иара сара сымала сакәым, кырӡа аҵанакуеит Борис Путилови Кирилл Чистови рыҭҵаамҭақәа, ртеориатә усумҭақәа. Уи аҟнытә даара аҵакы асҭоит ари ахҭыс схы алархәра", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0