Аимҳәа иаҿагыло алаҵа аҟаҵара ахыркәшамҭахь инеиит

Аимҳәа иаҿагыло алаҵа Аԥсны амҩаԥгара иалагеит 2019 шықәса жьҭаарамзазы. Ареспубликахь иааргеит 15 000 рҟынӡа лаҵа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аимҳәа иаҿагыло алаҵа аҟаҵара ахыркәшамҭахь инеиит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә хьчареи рминистрра апресс-маҵзураҿы.

Аԥсны аимҳәа хызҽша алаҵа аҟаҵара иалагоит

Иазыԥхьагәаҭан алаҵаҟаҵара жьҭаарамзеи ԥхынҷкәынмзеи имҩаԥгахоит ҳәа, аха уажәазы ауааԥсыра активла алаҵаҟаҵара рҽаладырхәит азы иаагоу алаҵа нҵәарц егьагым.

"Ари иаҳнаҭоит агәрагара ачымазара аҿкра уадаҩхарым ҳәа. Иҟалоит уажәшьҭан иаҭахханы иҟалар еиҭахгьы иаагар", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Аимҳәа иаҿагыло алаҵа Аԥсны амҩаԥгара иалагеит 2019 шықәса жьҭаарамзазы. Ареспубликахь иааргеит 15 000 рҟынӡа лаҵа – хԥани ԥшьбани зеилазаара ыҟоу. Аҵыхәтәантәи еиҳа иҿыцу, аимҳәа аштаммқәа ԥшьба хызҽуа ҳәа иԥхьаӡоуп.

Алаҵаҟаҵара алшоит ареспублика аполиклиникақәеи ахәышәтәырҭақәеи зегьы рҿы хәыда-ԥсада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: