АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аԥсныи-Урыстәылеи рҳәааҿы иааныркылеит зхаҭабзиара бааԥсуп, ауаҩы игәабзиара иазеицәоуп ҳәа иршьаз 39 кьыла атауар ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла "Россельхознадзор" Аладатәи аусбарҭа.
Абҵарамза акы инаркны аҳәааҿы иааныркылахьеит ахшаалыҵ (20 кг), ацха (8 кг), акәац (4 кг), аԥсыӡ (6,5 кг).
"Иаанкылаз аалыҵ ареспубликахь иргьыжьуп. Иара убасгьы анашьҭҩы иахь иргьыжьуп амарка "Гринекс" иатәу арҵәыга (15000 кг.). ари атауар аветеренар-мҩаԥгаратә документқәа ацӡамызт", - азгәарҭеит "Россельхознадзор" аҟны.
Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы игылоу астендқәа Урыстәылатәи Афедерациахь залагалара ҟамло аалыҵ реиқәыԥхьаӡа шырныԥшуагьы аилагарақәа изныкымкәа аҭыԥ роухьеит ҳәа аанацҳауеит "Россельхознадзор".