Аԥсни Никарагуеи русеицура дырҭбаауеит

Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа хәышықәса ҿҳәарас ирыманы ирыбжьарҵаз рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь? азинмчра роуит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аспорти, аҵарадырреи русхк аҟны Аԥсни Никарагуеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа Аминистрцәа Реилазаара ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит абҵара 20 рзтәи аилатәараҟны.

Ақәҵара апроект рыдигалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Ишәыдаагалоит ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аспорти, аҵарадырреи русхк аҟны Аԥсни Никарагуеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа, 2019 шықәса ԥхынгәымзазы Никарагуаҟа сныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны арҭ адокументқәа анапрыҵаҩразы ҳаилацәажәеит", - азгәеиҭеит Ақаҩба.

Аԥыза-министр Валери Бганба иҳәеит арҭ раԥхьатәи ашьаҿақәа аҵак ду рыманы ишыҟоу.

Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 3 рзы. Шықәсык ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.

Аԥсны ахада раԥхьатәи Никарагуаҟа иныҟәара мҩаԥысит 2010 шықәса рзы. Усҟан Сергеи Багаԥшь аԥсуа делегациа ахадара мҩаԥигон.

Убри аахыс Аԥсни Никарагуеи рыбжьара нап рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭрақәа маҷымкәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: