Даур Ақаҩба Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра аныҳәа далахәуп

© Foto / Даур КовеДаур Ақаҩба Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵразы аныҳәа далахәуп
Даур Ақаҩба Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵразы аныҳәа далахәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 3, 2008 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит. Цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсныи Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа алахәуп Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵразы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Абри атәы иҳәеит аминистр facebook ихатә даҟьаҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Ареспублика Никарагуа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа рҧыларақәа жәпакы азԥхьагәаҭоуп.

Даур Ақаҩба, Никарагуатәи иколлега Денис Манкадоуи иареи еиԥылеит. Ақаҩба иаарԥшит агәыӷра иаарласны Никарагуа аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны иаартхап ҳәа.

Егьырҭ иԥыларақәа рҿы аԥсуа-никарагуатәи аизыҟазаашьақәеи аусеицуреи анаҩстәи рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.

Цәыббрамза 3, 2008 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеит. Цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсныи Никарагуеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.

Сандинисттәи ареволиуциа, ҧхынгәымза 19, 1979 шықәса рзы Никарагуа аҳра зуаз Анастасио Сомоса ирежим ахыбгаларала ихыркәшахеит. Убри инаркны ари амш ареспубликаҿы аҳәынҭқарратә ныҳәак аҳасабала иазгәарҭоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0