РУСДРАМ афестиваль аҿы хьыӡла-ԥшала иқәгылеит

Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Аиҩызара ацҳа" мҩаԥысит Иошкар-Ола. РУСДРАМ афестиваль аҿы ицәырнагеит аспектакль "Кьоџьаа рҭыӡшәа".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Иошкар-Олатәи ахәаԥшцәа РУСДРАМ Аԥсныҟа аушьҭра рҭахымызт ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Ҳахьықәгылаз Константинов ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс театр аккаунтқәа рҿы ирыҩуан Иошкар-Ола зегьы Аԥсныҟа абилеҭқәа аархәеит ҳәа", - иҳәоит Хынҭәба.

Адиректор хада иҳәоит аспектакль анырра ду ҟанаҵап ҳәа дшақәгәыӷуаз, аха асҵәҟьа ирыдыркылап ҳәа дшақәымгәыӷуаз.

"Ари триумфын, анапеинҟьабыжьқәа еиқәтәомызт. Асеиԥшцәҟьа џьаргьы ҳрыдрымкылацызт. Ахәаԥшцәа ирҳәон ариаҟара зыҩаӡара ҳараку аспектакль ҳамбацызт ҳәа. Уажәшьҭа Иошкар-Ола агастроль дуқәа ирзыԥшуп", - иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада.

РУСДРАМ афестиваль аҟынтә ихынҳәит абҵара 24 рзы. Абҵара 25рзы атеатр аҿы иаартхоит афестиваль "Ауаҩы игыларҭа".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: