Хынҭәба РУСДРАМ агастрольқәа рзы: ирацәан ахәаԥшыҩцәа разгәаҭарақәа

© Foto / РУСДРАМ"Ҳаџьы-Мураҭ"
Ҳаџьы-Мураҭ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ Сарансктәи атеатртә фестиваль алахәхара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа, мшаԥы 2 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 2– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Сарансктәи атеатртә фестиваль "Соотечественники" аҟны аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" аныддырба ашьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы ирацәан ахәаԥшыҩцәа разгәаҭарақәа, аспектакль еиҭаддырбарц азы рыҳәарақәа. Абри атәы еиҭеиҳәеит РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба, РУСДРАМ Сарансктәи атеатртә фестиваль алахәхара иазкыз апресс-конференциаҟны.

Жорданиа "Ҳаџьы-Мураҭ" азы: адунеи иакәыршазар цәгьам ҳәа ахәшьара арҭеит

"Ауаа иаҳзырыҩуан аспектакль "ҳатҟәеит" ҳәа", - иҳәоит иара.

Апресс-конференциаҿ Хынҭәба иазгәеиҭеит ахәаԥшыҩцәа аспектакль еиуеиԥшым аӡбрақәа ишрыдырхалаз.

"Ҳаџьы-Мураҭ" иахьазы ҳгәы зырхыҭхыҭуа азҵаарақәа жәпакы: аибашьра аҿагылара азҵаара, ауаажәларра ринтересқәа ракзаара уҳәа ирыхцәажәоит. Иара ибзиаӡаны ианыԥшуеит Лев Николаи-иԥа Толстои иҩныҵҟатә дунеи", - ҳәа иҳәоит иара.

Теймураз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чамагәуа "Ҳаџьы-Мураҭ" иазкны: иахьатәи аамҭа иашьашәалоу, гьамала иҟаҵоу қәыргыламҭоуп

Агострольтә тур иалахәын Аԥсуа драматә театр актиорцәа Саид Лазбеи Алиас Ҟалӷьи. Дара асценаҿ ирыԥсахит РУСДРАМ актиорцәа Ҭимур Кәарҷиеи Армен Амирбекиани.

"Аԥсуа драматә театр актиорцәа аспектакль аханатә иалахәызшәа рҽаларыӡҩеит. Театрк аҿы ихәмаруа актиор аҽа театрк аҿы ахәмарра ицәыуадаҩуп ҳәа ирҳәогьы шиашам аадырԥшит", - ҳәа иҳәоит Хынҭәба.

РУСДРАМ агастрольқәа афинанстә дгылара арҭеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз аминистрра. Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ақәыргыламҭа аклассика иҿыцны аарԥшра азуп ҳәа.

Апресс-конференциаҿ Иракли Хынҭәба аҳәамҭа ҟаиҵеит аспектакль 2019 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу атеатртә фестиваль "Толстой Weekend" иалахәхоит ҳәа. Афестиваль еиҿнакаауеит Урыстәыла акультура аминистрра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0