Искандер иҭоурыхқәа: Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә конкурс

Абҵара 25-26 рзы имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рконкурс "Аҳатәы шәырӡ".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Фазиль Искандер иҩымҭақәа рмотивқәа ирылху ахәыҷтәы ҭыхымҭақәа рконкурс мҩаԥысит Аҟәатәи Ақәыԥшцәа рыҩнаҿы.

"Аҳатәы шәырӡ" акультуратә фестиваль "Ауаҩы игыларҭа" апрограмма иҭагӡаны хынтәуп Аҟәа имҩаԥысуеижьҭеи. Аконкурс аԥҟарақәа инарықәыршәаны асахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа рмотивқәа рыла русумҭақәа нарыгӡароуп. Аиҿкааҩцәа уажәы иалырхит ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәа хԥа – "Арбаӷь", "Чик ихәыҷра", "Чик ашәарыцараҟны".

Искандер иҭоурыхқәа: Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә конкурс

 

Сынтәа аконкурс иалахәын 23-ҩык, Аҟәатәи Ақәыԥшцәа рыҩни, аҳҭнықалақь аҟазаратә школқәеи, арт-студиақәеи рҟынтәи.

Жә-шықәса зхыҵуа Нариа Саманԥҳа лсахьазы иалылхит ажәабжь "Арбаӷь".

"Арбаӷь алеишәа цәгьан. Аҷкәын бзиа дабомызт. Ԥшшәеилаԥсала иҭысхит. Ажәабжь сара иалысхит, уи уаанӡагьы сахьаԥхьахьаз азы. Еиҳа сгәы иаднакылеит", - лҳәеит лара.

Аҟәатәи Ақәыԥшцәа рыҩны асахьаҭыхра арҵаҩы Георги Баронин иажәақәа рыла, асахьаҭыхцәа зынӡа ишқәыԥшцәоугьы, есышықәса рҟазара еизҳауеит, ирзеиҭоуҳәо ақьаад ахь аиагара рылдыршоит.

"Дара рхала иалырхуеит аԥшшәы, акомпозициа. Дара ргьамала рсахьа еиҿыркаауеит. Зны-зынла еиҳа ихәыҷқәоу рҭыхымҭақәа еиҳабацәоу рҭыхымҭақәа раасҭагь иинтиресуп", - иҳәоит иара.

Искандер иҭоурыхқәа: Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә конкурс

 

Иреиӷьу иалкааразы ажиури сааҭк аҟынӡа аамҭа рҭаххеит. Иреиӷьу ралкаара имариоу усмызт. Апрофессионалцәа асахьаҭыхцәа рҟазара адагьы, рфантазиагьы ахә ршьар акәын. Аҵыхәтәаны х-усумҭак алыркааит. Актәи аҭыԥ ланашьахеит асахьаҭыхратә школ "Аинар" аҵаҩы Рафида Хынҭәԥҳа, аҩбатәи - Ева Ԥлиаԥҳа, ахԥатәи - Анастасиа Качуровскаиа.

Искандер иҭоурыхқәа: Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә конкурс

 

Анастасиа раԥхьаӡа акәны аконкурс лҽалалырхәит, аԥыжәаратә ҭыԥгьы дақәгәыӷуамызт.

"Ссахьаҿы Чик ашәарыцараҿы иҟазаара ҭысхит. Сгәыӷуеит, ҽаангьы сҽаласырхәып ҳәа", - лҳәеит лара.

Ажиури алахәыла, асахьаҭыхыҩ Александр Шервашиӡе-Чачба еиндаҭлоз ирыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит рықәра иахьмырԥшкәа апрофессионалтә ҟазара шроухьоу.

Искандер иҭоурыхқәа: Аҟәа имҩаԥысит ахәыҷқәа рсахьаҭыхратә конкурс

 

"Асеиԥш аԥшшәхәқәа реиҿыбаара, ииашаны ақьаад ахь рнагара зылшо асахьаҭыхцәа иашақәаҵәҟьа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиԥҳа алахәылацәа зегьы дрыдныҳәалеит ирзеиӷьалшьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

Афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" информациатә партниорны иазыҟоу аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны агәаанагарала, иреиӷьу усумҭаны иалхуп Богдан Зарандиа иҭыхымҭа. Иара ианашьоуп асертификати аԥхьахә ҷыдеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: