Аԥснытәи аҳәеилышьҩы аҩбатәи аҭыԥ игеит Шәачатәи атурнир аҟны

Аҳәеилышьразы ашықәсҿыцазтәи атурнир иалахәын 360 спортсмен. Иара мҩаԥысуеит Шәача, абҵара 25 -28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Александр Гаврилов аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит аҳәеилышьразы ашықәсҿыцазтәи атурнир аҿы ҳәа Sputnik иазааицҳаит аҳәеилышьратә школ азыҟаҵаҩ Иури Орлов.

"Александр актәи аҭыԥ ицәигеит Донецктәи жәлар рреспубликаҟынтәи аспортсмен. Ҩ-очкок роуп изымхаз. Аицлабра ӷәӷәан. Ҟрыми Шәачеи рыспортсменцәа бзианы иазыҟаҵан", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган акомандатә еиндаҭларагьы. Ари аиндаҭлараан аԥсуа аҳәеилышьцәа Севастопольтәи аспортсменцәа ириааит.

Аҳәеилышьразы ашықәсҿыцазтәи атурнир иалахәын 360 спортсмен – Шәача, Краснодар, Белореченск, Ростов-на-Дону, Севастополь, Армавир, Керчь, Аҩада Уаԥстәыла-Аланиа, Аԥсны, Даӷьсҭан рҟынтәи. Иара мҩаԥысуеит Шәача, абҵара 25 -28 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: