Аԥсуа аҳәеилышьцәа Шәачатәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит

© Foto / Юрий ОрловАҳәеилышьразы аицлабра
Аҳәеилышьразы аицлабра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира амш иазкыз аҳәеилышьразы атурнир мҩаԥысуан Шәача, мшаԥы 26 - 30 рзы.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥсуа аҳәеилышьцәа Александр Гаврилови Зина Орловеи шәачатәи акомандақәа ирылаланы рхы аладырхәит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира амш иазкыз аҳәеилышьразы атурнир, аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы ааныркылеит. Абри атәы ааицҳаит аҳәеилышьразы аԥснытәи ашкол азыҟаҵаҩ Иури Орлов.

Актәи аҭыԥ ааннакылеит Зина Орлова дызлаз акоманда, аҩбатәи аҭыԥ - Александр Гаврилов дызлаз акоманда.

Хаҭалатәи аиндаҭлара иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа ԥшьҩык. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа раԥхьатәи ажәабак иаҵанакит.

"Аԥснытәи аҳәеилышьцәа рԥышәа маҷуп. Убри иахҟьеит иҟарҵаз агхақәа. Ҳаспортсменцәа атурнирқәа уиаҟара ирылахәым, уи ауп рылҵшәақәагьы зыҳаракымхаз", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Орлов иажәақәа рыла, аҳәеилышьцәа шықәсыбжак ахь знык ауп атурнирқәа ианрылахәу, аԥышәаз уи азхаӡом.

"Аҳәеилышьраз иаҭаху амаҭәарқәа ҳԥарақәа рыла иааҳхәоит. Мызкахь знык акоманда Шәачаҟа ицоит аҽазыҟаҵаразы. Ҳара уи аҩыза аҭагылазаашьагьы ҳамам – ашкол аҿы спарринг ахьымҩаԥырго ацәаҳәагьы ыҟам. Ҳфинансқәа азхаӡом, уи азы ԥхьаҟа ацара мариам", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Шәачатәи атурнир иалахәын Краснодар, Ҟрым, Шәача, Уаԥстәыла, Аԥсны уҳәа рҟынтәи аспортсменцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0