Аԥснытәи ақәԥаҩ Даниель Џьопуа Москватәи аобласт аҿы аиааира игеит

Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" мҩаԥысуеит Москватәи аобласт, Раменское ақалақь аҿы абҵара 25-29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ақәԥаҩ Даниель Џьопуа Москватәи аобласт аҿы имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" аҟны аиааира игеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аилак аҟынтәи.

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит

Афинал аҿы иара диндаҭлон Красноиарсктәи аспортсмен. Даниель Џьопуа дазыҟарҵон Манучар Бешириши, Размик Алабиани, Ислам Колаеви.

Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" иалахәуп 300-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Атурнир хыркәшахоит абҵара 29 рзы.

Аԥснытәи ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра"аҟны иранашьахеит "ахьы", "аразны", "аџьаз". Актәи аҭыԥ никылеит Баграт Ԥандариа, аҩбатәи - Асҭамур Кәыҵниа, ахԥатәи - Даниил Харчлаа. Абри атәыуаанӡа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Ҭимур Џьопуа.

Аԥснытәи ақәԥаҩ Даниель Џьопуа Москватәи аобласт аҿы аиааира игеит