Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит

© Foto / Тимур ДжопуаАԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" мҩаԥысуеит Москватәи аобласт, Раменское ақалақь аҿы абҵара 25-29 рзы.

АҞӘА, абҵара 28– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" аҟны иранашьахеит "ахьы", "аразны", "аџьаз". Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Ҭимур Џьопуа.

Актәи аҭыԥ никылеит Баграт Ԥандариа, аҩбатәи - Асҭамур Кәыҵниа, ахԥатәи - Даниил Харчлаа.

"Аиндаҭларақәа макьанагьы имҩаԥысуеит. Иахьатәи афинал аҿы дықәгылараны дыҟоуп Даниил Џьопуа. Индаҭло акыр иӷәӷәоуп", - азгәеиҭоит азыҟаҵаҩ.

Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәылазегьтәи аиндаҭлара "Урыстәыла ақәыԥшра" иалахәуп 300-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Атурнир хыркәшахоит абҵара 29 рзы. Аԥсуа спортсменцәа азыҟарҵоит Ҭимур Џьопуеи Размик Алабиани.

© Foto / Тимур ДжопуаАԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Москватәи аобласт аҿы аԥыжәара роуит
Ажәабжьқәа зегьы
0