Апарламент аҿаԥхьа аизара хыркәшахеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы 200-ҩык инареиҳаны еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Анаҩс Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент аҿаԥхьа еизаз ауаа еилыҵит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Аԥсны ахада амчратә структурақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит>>

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы 200-ҩык инареиҳаны еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Анаҩс дара Апарламент ахыбрахь ицеит. Уи ашьҭахьтәи адыррақәа рыла, ашәахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имаҵураҟынтә ихы дшақәиҭитәуазы.

Иршьыз Алхас Аҩӡба иуацәа рхаҭарнак еизаз ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, амитинг амчра аганахь ала ақәыӷәӷәара аҟаҵара гәҭакны ишамамыз.

"Атәыла ахада иахь аҳәара ҟаҳҵоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи ражәа дазыӡырҩырц. Иаԥсоу изхәыцырц. Ҳара иаҳҭаху аҳәынҭқарраз иапатриоту иоуп, зыԥсадгьыли зыжәлари бзиа избо иоуп, зус зымч-зылша уи иазҭо иоуп", - иҳәеит иара.

Иахьа, ашәахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имаҵураҟынтә ихы дшақәиҭитәуазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: