АҞӘА, абҵара 28– Sputnik. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟаз аиҿахысрақәа раан ахәра зауз Доминика Ақырҭааԥҳа аоперациа – трахеостомиа лзыҟарҵеит Ареспубликатә хәыәшәтырҭаҿы абҵара 27 рзы. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит аминистрра апресс-маҵзураҟынтә.
"Аҳақьымцәа трахеостомиа ҟарҵеит, ахҭыԥ дрыцқьеит. Аха арҭ аусмҩаԥгатәқәа лара лзеиԥш ҭагылазаашьа анырра рацәа арҭом", - рҳәеит аусбарҭаҿы, иагьазгәарҭеит ахы шлылхым. Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа макьаназгьы акыр иуашәшәыроуп.
Трахеостомиа — хирургиатә операциоуп, иара иҟанаҵоит алшара атрубка ҷыдақәа рыла арыԥҳақәа аҳауа рзынашьҭра.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.
Иара убас Ареспубликатә хәышәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.
Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.
Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауаа рышьразы ашьаусҭҵаара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау
-
Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп