Москва агәы ҵааршәыра: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит

Sputnik

Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны аиааира згахьоу Татиана Навка ашоу ҿыц "Спящая красавица. Легенда двух королевств" ацыԥҵәаха длырбеит. Татиана Навка аҵаахь илыццәырҵит Алина Загитовеи Пиотр Чернышиови.

ГУМ-Каток 14-тәи асезон иатема хаданы иҟалеит ахәыҷқәа рзы апрограмма "Спокойной ночи, малыши!" аиубилеи. Уи ателедырраҭара сынтәа 55 шықәса ахыҵит. Аҭааҩцәа ирыман алшара аҵаақәшьқьраара адагьы, бзиа ирбоз аперсонажцәа рацәажәара, рфото рыцҭыхра.

"Сара сзы ари иҿыцу ԥышәоуп. Даара сгәы иахәеит сахьаарыԥхьаз", - ҳәа Загитова лажәақәа еиҭанаҳәоит РИА Новости.

Сынтәатәи асезон аҿы ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҽарҭбааит. Уажәы ара аамҭакала 450-ҩык аднакылоит.

Аԥхьатәи шьыжьтәи асеансқәа ԥшьба хәыда-ԥсада урҭаар алшоит. Традициак аҳасабала имҩаԥгахоит хәыда-ԥсадатәи амастер-классқәа. Имҩаԥигоит ахоккеи азы адунеи ачемпион Алексеи Иашин. Иара изҭаху зегьы ирзеиҭеиҳәоит ари аспортхкы аҷыдарақәа, идирбоит амаӡақәа. Иара убасгьы сынтәа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭаҿы имҩаԥысуеит ампыл ала Урыстәылазегьтәи ахоккеитә турнир ахәыҷқәа рыбжьара, имҩаԥгахоит Астудент имш, Бзиа еибабо рымш, иара убасгьы ауснагӡатәқәа рацәаны.

ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аус ауеит асааҭ 10:00-23:30 ирыбжьанакуа аамҭазы 2020 шықәса хәажәкырамзанӡа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россия сегодня", Sputnik ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭеи, "Новогодние елки в ГУМе на Красной площади" апроекти, ГУМ-Џьармыкьеи информациатә партниорны ирзыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 12
Ашҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҭааҩцәа чаразуеит
2 / 12
Актриса Ксениа Алфиорова ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭаҟны акарусель дақәтәоуп
3 / 12
Афигуристка Алина Загитова ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟалҵоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аартра ашьҭахь
4 / 12
Афигуристцәа Татиана Навкеи Пиотр Чернышеви Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Каток аартраан иқәгылеит
5 / 12
"Сара абас ала сыҽсырԥхоит", — иҳәеит аилахәырақәа Bosco di Ciliegi реиҳабы Михаил Куснирович ихаз ашықәс ҿыцазтәи астиль змаз ахылԥазы. Абри аҩыза ахылԥақәацә змам акаҳуажәырҭаҿы ачаи ацха аҭаны иҽирԥхар илшоит, илшоит ачаи иадикылар ачаџь, ачамчамыта, апончик, ахот-дог.
6 / 12
Ашықәс ҿыцазтәи аԥсаӡқәеи, Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи рфигурақәа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа аҿаԥхьа идыргылеит
7 / 12
ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа Ашҭа Ҟаԥшь аҟны аартра ацеремониа
8 / 12
Актриса Анфиса Черных Ашҭа Ҟаԥшь аҟны ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа дықәчаразуеит
9 / 12
"Ашоу ссируп. Навка дхазыноуп. Рыҵкы ҵаӷақәа уахьрыхәаԥшуаз ухаҭагьы ахьҭа уакуан, аха апрофессионализм ҳарак аадырԥшит", - лҳәоит зыӡӷаб Миа дзыцны арахь иааиз Алиса. Фышықәса зхыҵуа Миа Татиана Навка леиԥш ларгьы деицырдыруа дҟалар лҭахыижьҭеи.
10 / 12
Сынтәа ГУМ-Аҵаақәшьқьырырҭа иатеманы иҟалеит ахәыҷқәа зегьы бзиа еицырбо апрограмма "Спокойной ночи, малыши!" аиубилеи. Уи адырраҭара 55 шықәса ахыҵуеит! Татиана Навка зегь раасҭа илгәаԥхоит Хриуша, Алина Загитова - Степашка.
11 / 12
Аҭааҩцәа гәахәарыла бзиа еицырбо "Спокойной ночи, малыши!" апресонажқәа ирыдгыланы рфотосахьақәа ҭырхуан.
12 / 12
Аҵааҿы амиузикл аус адырулон жә-мзы. "Амаӡақәа рацәаны иҳамоуп. Зегь ҳазҳәом макьана", - лҳәоит Татиана Навка.
Ателедырраҭара афырхацәа рцынхәрас ашәа рҳәоит, рыбжьы ахарҵоит еицырдыруа артистцәа: Ани Лорак, Александр Панаиотов, Филипп Киркоров, Гарик Харламов уҳәа егьырҭгьы.