Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭелиа аԥсуа хәыҷқәа Кремль Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәа ралахәхаразы: сынтәа еиҳа ирацәаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Қәҭелиа
Аслан Қәҭелиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит сынтәагьы Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа Кремльтәи ахан аҿы Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа ишрылахәхо.

Ԥхынҷқәын 23 инаркны 28-нӡа 17-ҩык Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа Кремльтәи ахан аҿы имҩаԥгахо Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рхы рыладырхәуеит.

Қәҭелиа аԥсуа хәыҷқәа Кремль Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәа ралахәхаразы: сынтәа еиҳа ирацәаҩуп

"Уахь ицараны иҟоуп зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ирылҵыз ахәыҷқәа, иара убас аҵараҿы ақәҿиара бзиақәа аазырԥшуа, ашколтә усмҩаԥгатәқәа активла зхы рылазырхәуа аҵаҩцәа. Ас еиԥш аҭаарақәа 16 шықәса ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи. Ԥшьымш ирылагӡаны ахәыҷқәа аҭаауеит Кремльтәи аԥсаӡҵла, Никулин ихьӡ зху ацирк, иара убас еиуеиԥшым аныҟәарақәа ирылахәуп. Ахәыҷқәа иахьынӡазалшо ала Аԥсны ахы-аҵыхәа рҟынтә иалҳаԥшаауеит. Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, сынтәа ҵыԥх аасҭа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара еиҳа ишеиҳау. Уи алыршахеит еиуеиԥшым аицәажәарақәа ирыбзоураны. Ҳаԥхьаҟагьы уи аус ишацҵахо ала агәра ҳдыргеит, избанзар ахәыҷқәа уахь ацара зықәнаго рацәоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Қәҭелиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0