Ԥсоу иааныркылеит Урыстәылаҟа ииаргоз аҭаҭын аконтрабанда

Иаанкылоу амашьына аҵаҿы ҷыдала аметалл иалхны аҭыԥ ҭацә ҟаҵан изакәанымкәа аалыҵ аҳәаа ахыгара алыршаразы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 3 ауха, аидарамҩангага машьына "Mercedes-Benz" ала Аԥсны аҵакыраҟынтә Урыстәыла аҵакырахь аиагара рҽазыршәеит аҭаҭын аалыҵ партиа рацәала. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳазалхыҩцәа ргәы рҽаннаҵеит амашьына аԥсҟы зкыз иццакра. Амашьына агәаҭага ҷыдала иҭаԥшыхәын. Аҵәахырҭа маӡаҿы иԥшаан акцизтә маркақәа зқәымыз 1000 пачка асигарет. Иааидкыланы: 1191 ҭоԥ (11910 пачка, 238200 цыра).

Атауари автомашьынеи аанкылоуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Административтә зинеилагара ҳәа аусҭҵаарақәа ҩба хацыркуп.

Ԥсоу иааныркылеит Урыстәылаҟа ииаргоз аҭаҭын аконтрабанда

Аҳазалхырҭа-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков иажәақәа рыла Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә ҵакырахь 200 сигарет иреиҳамкәа аҭагалара ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: