АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 3 ауха, аидарамҩангага машьына "Mercedes-Benz" ала Аԥсны аҵакыраҟынтә Урыстәыла аҵакырахь аиагара рҽазыршәеит аҭаҭын аалыҵ партиа рацәала. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳазалхыҩцәа ргәы рҽаннаҵеит амашьына аԥсҟы зкыз иццакра. Амашьына агәаҭага ҷыдала иҭаԥшыхәын. Аҵәахырҭа маӡаҿы иԥшаан акцизтә маркақәа зқәымыз 1000 пачка асигарет. Иааидкыланы: 1191 ҭоԥ (11910 пачка, 238200 цыра).
Атауари автомашьынеи аанкылоуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Административтә зинеилагара ҳәа аусҭҵаарақәа ҩба хацыркуп.

Иаанкылоу амашьына аҵаҿы ҷыдала аметалл иалхны аҭыԥ ҭацә ҟаҵан изакәанымкәа аалыҵ аҳәаа ахыгара алыршаразы.
© Foto / Пресс-служба Сочинской таможни
Аҳазалхырҭа-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков иажәақәа рыла Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә ҵакырахь 200 сигарет иреиҳамкәа аҭагалара ҟалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Адәыӷба "Аҟәа-Москва" аҿы 300 сигареҭ ҭоԥ закәаншьаҭада имҩаныргон
-
Аҳәааҟны Аԥсны атәылауаҩ аметадон идырбалеит
