АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа сынтәа раԥхьаӡа акәны ашьхатә полигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Аррамаҵзурауаа, ашьхеи абнареи иахьырҵаркуа аҭыԥқәа рҿи амшын аԥшаҳәа иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи ирҵоит адәнытә лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, атактикатәи анџьныртәи ҽазыҟаҵара", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәны имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәуеит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭоуп 150 рҟынӡа атехника. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтәы транспортиорқәеи, КамАЗ, "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡтәы машьынақәеи, агранатаршәгақәа РПГ-7, АГС-17, аимадаратә машьынақәа БТР-80 ахархәара рыҭоуп ҳәа аанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.
Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәны имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәу 1000-ҩык аррамаҵзурауаа рҟынтәи 200-ҩык ҿыц арахь инарыԥхьаз роуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аруаа аӡәаӡәалатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит
Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа "атеррористцәа" ржәылара ааныркылеит