Аррахь ҿыц инаԥхьоу агранатаршәгақәа рыла ахысшьа ддырҵоит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАррахь ҿыц инаԥхьоу агранатаршәгақәа рыла ахысшьа ддырҵоит
Аррахь ҿыц инаԥхьоу агранатаршәгақәа рыла ахысшьа ддырҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 рҟынӡа атехника.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа сынтәа раԥхьаӡа акәны ашьхатә полигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аррамаҵзурауаа, ашьхеи абнареи иахьырҵаркуа аҭыԥқәа рҿи амшын аԥшаҳәа иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи ирҵоит адәнытә лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, атактикатәи анџьныртәи ҽазыҟаҵара", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәны имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа рыҽрыладырхәуеит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭоуп 150 рҟынӡа атехника. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтәы транспортиорқәеи, КамАЗ, "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡтәы машьынақәеи, агранатаршәгақәа  РПГ-7, АГС-17, аимадаратә машьынақәа БТР-80 ахархәара рыҭоуп ҳәа аанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәны имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәу 1000-ҩык аррамаҵзурауаа рҟынтәи 200-ҩык ҿыц арахь инарыԥхьаз роуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0