Sputnik акулисақәа рышьҭахь: хәышықәса рыҩнуҵҟа иреиӷьу аимгеимцарақәа

Sputnik

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны ԥхынҷкәын 8 рзы иазгәанаҭоит раԥхьатәи аиубилеи - хәышықәса ахыҵра. Ари аамҭа иалагӡаны асаит аԥсуа версиа иаҭааит 143 нызқь уааԥсыра инареиҳаны, аурыс версиа - 12 миллионҩык инареиҳаны.

Иааидкыланы аԥсуеи аурыс версиеи рҟны иҭыҵит 56 495 статиа, 6116 видеонҵамҭа, 1746 фотонҵамҭа, 794-нтә аинфографика ахархәарала аинформациа ҟаҵан.

Хәышықәса рыҩнуҵҟа ҳзыхьӡаз: Sputnik Аԥсны арбагақәа

Зегь реиҳа ихадоу ажәабжьқәа Sputnik асоциалтә даҟьақәа рҟны ицәырнагоит. Есышықәса урҭ зыҽрыҵазыҩуа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Онлаин ҳасабла ахҭысқәа ирыцклаԥшуеит 109 444-ҩык ауаа. Асоциалтә ҳа Instagram аҟны мацара - 60 нызқьҩык анапаҵаҩцәа ыҟоуп. 

2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо ахатәы ефир ахь ицәырҵит Аҟәа иҟоу астудиаҟынтәи. Уи ацәқәырԥақәа наӡоит ҳтәылаҿы ауааԥсыра ахьынхо аҭыԥқәа зегь рахь. Sputnik Аԥсны аматериалқәа цитатақәас активла рхы иадырхәоит ҳтәылаҟны иҟоу аинформациатә агентрақәа 15, ателеканалқәа 2, радиостанциак.

Sputnik аиубилеитә фотонҵамҭаҟны ишәзеизнагеит зегь реиҳа угәалашәараҿы иаанхо, ажәабжьқәа раԥҵара апроцесс аазырԥшуа, урҭ аԥызҵо арбақәан зну, иара убас русура алҵшәа иамоу аиуразы уадаҩрақәас ирымоу, насгьы иахьнеиз-иахьааиз уҳәа зну афотоҭыхымҭақәа реизак.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 27
Аӡбара хадақәа здызкыло аредакторцәа роуп. Аредактор илаԥш изыҵшәом гхак, ииашам фактк.
2 / 27
2017 шықәса рзы Sputnik Аԥсны ахатәы радиодырраҭарақәа аанартит. Иара иазыӡырҩыр рылшоит ареспублика ауааԥсыра зегьы.
3 / 27
Акорреспондентцәа зыҿцәажәало шеиуеиԥшым еиԥш еиуеиԥшымкәагьы азнеишьа рыҭалатәуп, иахәҭоу аинформациа аиуразы.
4 / 27
Sputnik аҿы аус ауеит апресс-центр. Хәышықәса рыҩнуҵҟа ара имҩаԥган 237 пресс-конференциа.
5 / 27
Sputnik акорреспондентцәа ирылымшо акгьы ыҟам.
6 / 27
Аха зны-зынла аинформациа азнагара аҵкыс ахыхьчара еиӷьуп.
7 / 27
Абасоуп Sputnik аҿы авидео шаԥырҵо.
8 / 27
Аԥхьаҩ иҟны иноугаанӡа ухала "атехнологиа" ԥушәароуп.
9 / 27
Русураан акорреспондентцәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рнапахьы иааргоит. Зеиԥш ҟамло егьыҟам.
10 / 27
Атәыла ахада иалхрақәа раан аусура мҩаԥысуан иааиԥмырҟьаӡакәа, даҽакала иуҳәозар - нон-стоп арежим ала.
11 / 27
Sputnik аусзуҩцәа рылацәа анааихьыршьуагьы ҟалоит. Зны-зынла иахьаарықәшәаз.
12 / 27
Sputnik Аԥсны ҳтәыла атрадициақәа, акультура, абзазара атәы аҳәоит.
13 / 27
Ари ҳинфографик Леон иоуп. Иарбанызаалак аграфикеи асхемеи импыҵаманшәалахоит.
14 / 27
Зны-зынла аусура ааухаршҭны ажәҩан уҩаҵаԥрыргьы уҭаххалоит.
15 / 27
Ма уааԥсара наухухыр уҭаххоит... амузыкатә студиаҿы.
16 / 27
Иҟалалоит русуразы акорреспондентцәа андырҽхәо.
17 / 27
Зегь иреиҳау аҳамҭа – ацәароуп. Аусуратә ҭыԥ аҿы акәзаргьы.
18 / 27
Ҳкорреспондентцәа ахьымнеиц ыҟам.
19 / 27
Аха уеизгьы бзиа еицырбо ҭыԥуп акаҳуа афҩы хааӡа иахьдыршуа акҿаҩраҿы.
20 / 27
Акорреспондент Бадри Есиава ахәышәтәырҭақәа рҿы деицырдыруеит. Аԥсны имҩаԥырго аинновациатә хәышәтәратә методқәа ирылацәажәо иара иоуп.
21 / 27
Аӡәгьы игәы иаанамгааит Бадраҟ Аҩӡба ихы данақәиҭу криҭиуеит ҳәа. Мап. Ари афонд "Ашана" агәыҳалалратә акциоуп. Иара уа дыцхыраауан.
22 / 27
Sputnik аҟны аԥстәқәа рыхьчаҩ хада Бадри иоуп. Абзиеибабара ду рыбжьоуп.
23 / 27
Иара убасгьы Sputnik – аҭыԥҳацәа ԥшӡақәа ираҳҭынроуп.
24 / 27
Аԥсны асасцәа ҳкорреспондентцәа ирывагыланы рфотоҭыхра жәҩангәашәԥхьарак ирзаҩызоуп.
25 / 27
Sputnik аҿы ажәабжь бзиа узнагара адагьы, ихааны какалк удыркуеит.
26 / 27
Уажәшьҭа оумашәа иубаша. Абасоуп Sputnik акорреспондентцәа рҩымҭа ахы шырхәыцуа, еиҳаракгьы аредактор уи 1001-нтә мап ацәикхьазар.
27 / 27
Sputnik аколлектив - 39 –ҩык рыла ишьақәгылоу информациатә ҭаацәара д.