Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аадыртижьҭеи иҵит 5 шықәса. Абри аамҭа иалагӡаны еиуеиԥшым аформатқәа рыла амультимедиатә информациа амҽхак еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан.
Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәсазы. Уи аахижьҭеи асаит аԥсуеи аурыси версиақәа рҟны иҭыҵит 56 нызқь статиа, 6116 видеонҵамҭа, 1746 фотонҵамҭа, 794 инфографика.
Арҭ хәышықәса ирылагӡаны Sputnik Аԥсны асоциалтә ҳақәа рҟын адаҟьақәа знапы рыҵазыҩцаз ирласны иацлон. 2017 шықәсазы Facebook аҟны 20 нызқь анапаҵаҩцәа амазҭгьы, иахьа урҭ 31 нызқь иреиҳауп. Зынӡа асоциалтә ҳақәа рҟны анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 109 444-ҩык рҟынӡаинеихьеит.
2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо ахатәы ефир ахь ицәырҵит Аҟәа иҟоу астудиаҟынтәи. Уи ацәқәырԥақәа наӡоит ҳтәылаҿы ауааԥсыра ахьынхо аҭыԥқәа зегь рахь.
Sputnik Аԥсны аматериалқәа цитатақәас активла рхы иадырхәоит ҳтәылаҟны иҟоу аинформациатә хархәагақәа 15, ателеканалқәа 2, радиостанциак.
Sputnik — амультимедиатә информациатә пресс-центрқәа жәабала атәылақәа рҟны измоу жәларбжьаратәи информациатә маҵзуреи арадиои ауп. Уи иамоуп асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭара, амобилтә ԥшьқәа, асоциалтә ҳақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik ажәабжьқәа ҭыҵуеит адунеи абызшәақәа жәпакы рыла, аԥсышәалагьы убрахь иналаҵаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Хәышықәса рыла 500-нтә ааи, 1000-нтә мап: Sputnik Аԥсны аҟны аусура иазкны
-
Аусура иунаҭароуп агәырӷьара, мамзаргьы сеиқәзырхаз Sputnik Аԥсны